TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21241 20
Ҭаҭарсҭан афинанстә цхыраарала Аҟәа аԥшаҳәа ахәҭак аиҭашьақәыргыларатә усурақәа назыгӡоз анардадаратә еиҿкаара ахаҭарнакцәа аҳҭнықалақь ахадараҿы аҳамҭақәа ранаршьеит.

Аргылаҩцәа ҭабуп ҳәа рарҳәеит ламысла рџьабааи, инагӡоу аусурақәа рхаҭабзиара ҳараки, ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа иахымгакәа рықәныҟәареи рзы.

Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩцәа Автандил Сурманиӡеи Константин Ҭарбеи ражәақәа рыла, убри ауп акрызҵазкуа аинфраструктуратә проект қәҿиарала ахыркәшара зыбзоуроу.

Анардадаҩцәа ракәзар, ақалақьтә маҵзурақәеи дареи рҳәоу еиқәшәаны реинырра ицәырҵуа азҵаарақәа ианаамҭоу, хра рыманы рыӡбара алнаршеит ҳәа азгәарҭеит.

🖇 Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуан Ҭаҭарсҭан, Башкортосҭан, Нижни Новгород, Краснодартәи атәылаҿацә, Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа", аԥсуа-аурыс бизнес ахаҭарнакцәа русеицуреи рфинанстә цхыраареи ирыбзоураны.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 5, 2026Урыстәыла Арбџьармчқәа Запорожтәи аобласт аиланхарҭа Самоиловка ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанац…
  2. Oct 5, 2026Адунеи макьанагьы 2016 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысыз ашьапылампыл азы CONIFA Ачемпионат аӡбахә…
  3. Oct 5, 2026"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон хацдыркуеит. Жьҭаарамза 13 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥ…
  4. Oct 5, 2026Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдылныҳәалеит. "Иуадаҩуп еиҵаг…
  5. Oct 5, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  6. Oct 5, 2026"Аибашьраҿ ахацәа аиҳарак бџьарс ирымаз ашәарыцага шәақьқәа ракәын. Сара — аҳәызба. Анаҩс,…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →