Марат Камболов Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас дҟалеит.
Аинаугурациа мҩаԥысит Цхинвал иҟоу Аҳәынҭқарратә драмтеатр аҿы. Уи иалахәын Аԥсны, Урыстәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла, Чечентәыла, Ҟабарда-Балкариа, Даӷьсҭан, иара убас Венесуела, Никарагуа рҟынтәи аофициалтә сасцәа ҳәа аанацҳауеит @SputnikOssetia.
Аҳәынҭқарра ахада ҭоуба иуит ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи пату рықәҵареи рыхьчареи, Аконституциа ақәныҟәареи ахьчареи, ареспублика асуверенитети, ахьыԥшымреи, ашәарҭадареи, аҵакыратә акзаареи рыхьчара, иара убас ажәлар гәыкала рымаҵ аура дшазыхиоу азы.
🖇️ Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысит цәыббра 18 рзы. Марат Камболов 85% алхыҩцәа рыбжьқәа рыла аиааира игеит, ареспублика афбатәи ахадас дҟалеит.
Post #21107
39
