Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Алада Ешыра иҳаҭгәынаҿ ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Уи иалахәын атәыла ахада Бадра Гәынбеи ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи.
🖇 Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы, 413 мшы ицон. Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ақәԥара напхгара аиҭон Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба. Иара убасгьы, напхгара аиҭон Атәылахьчара Аҳәынҭқарратә еилакы, иааиԥмырҟьаӡакәа ар анаԥҵаха ашьҭахь Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хадас дҟалеит.
Post #21101
29