TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 589 subscribers
Post #21084 38
Ҳажәлар 1992-1993 шш. рызтәи жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иргаз Аиааира иамшуп иахьа!

33 шықәса ҵуеит аԥыза иаша Владислав Арӡынба заԥхьа дгылаз ҳаԥсадгьыл аҵеицәеи, зыжәҩахыр ҳадызҵаз ахатәгәаԥхаҩцәеи, ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи ақырҭуа мпыҵахалаҩ ҳадгьыл дықәырцеижьҭеи.

Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы ақырҭуа архәҭақәа бџьарла еиқәных Аԥсны ианақәла, аԥсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылеит. Аибашьра цон 413 мши-ҵхи. Ари аамҭа иалагӡаны иҭахеит 1700-ҩык аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, шәҩыла аҭынч уааԥсыра.

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аԥсны аганахьала иалахәын 12 нызқьҩык аибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәеи Урыстәыла аладатәи арегионқәеи рхаҭарнакцәа.

Зхы иамеигӡакәа ҳаԥсадгьыл зыхьчаз рыхьӡ кашәара ақәымзааит! Рхы зқәырҵаз Аԥсынра нагӡара ақәзааит! Ҽаанбзиала!
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Sep 30, 2026Аҟәа Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа ақәаршҩы ашьҭахь амҩақәа ррыцқьара иаҿуп ҳәа Sputnik иазеиҭ…
  2. Sep 30, 2026"Аԥсны, уаасацәажәа" — Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазку амузыкатә клип ӡырыргеит ацентр "Ҳа…
  3. Sep 30, 2026Марат Камболов Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас дҟалеит. Аинаугурациа мҩаԥысит Цхинвал иҟоу Аҳәынҭқа…
  4. Sep 30, 2026Џьгьарда Сергеи Багаԥшь ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Уи рхы аладырхәит Аԥсны ахад…
  5. Sep 30, 2026Аҟәа акоммуналтә маҵзурақәа русура ирӷәӷәоу арежим ахь ииагоуп ҳәа аанацҳауеит ақалақь аха…
  6. Sep 30, 2026Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа еиԥылараны иҟоуп жьҭаара 1 азы ҳәа аанацҳа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →