Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреатцәа еилкаауп.
Маӡалатәи абжьыҭира аихшьаалақәа рыла иалкаауп:
▪Аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыла – Едуард Кимкетови Анатоли Марколиеи ашәҟәы "Аԥсны аҭагылазаашьаҿы еиҭарҿыцу аенергиа ахыҵхырҭақәа рхархәара алшарақәа" азы.
▪Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рыла – Валери Бигәаа иусумҭа "Аnс°ахаҫаrа – аԥсуа традициатә дин" азы.
▪Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рыла – Зураб Џьапуа ашәҟәы "Нарҭаа ирызку Аԥсуа епос: аҭҵаареи атекстқәеи" азы.
Апремиа алахәылацәа 2023-2025 шықәсқәа рзы икьыԥхьыз аҭҵаарадырратә усумҭақәа ықәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа.
Акомиссиа иазгәанаҭеит Аԥсны аҭҵаарадырра аҿиаразы усумҭацыԥхьаӡа актуалра, аҵакы ахә ашьара шыуадаҩу, иагьацнаҵеит усумҭацыԥхьаӡа қәнагала апремиа аиуразы ишықәыргылаз.
Post #21007
38
