Сынтәа иҵуеит 33 шықәса, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи.
Ҳажәлар ирхашҭӡом уи иацыз ахьаа. Ҳаибашьцәа ракәзар наунагӡа рыбла ихгылазаауеит ирывыршьаауаз рашьцәеи рҩызцәеи рыблақәа.
"Машьынала Буха Агрбеи Рамин Аибеи ааиуан. Шәабацо ҳәа санразҵаа, аибашьра рҳәеит. "Шәара макьана шәхәыҷқәоуп, аҩныҟа шәхынҳәы" ҳәа срызгәамҵит, аха дара "ҳара иубахьоу аҷкәынцәа ҳакәӡам, уажәшьҭа ҳхацәоуп" ҳәа саҭаркит. Сара амҩанызацәа сышрышьҭаз ауп даргьы шысԥылаз аҟнытә, ҳаиманы Ахалшени ҳцеит. Уа ҳшыҟаз, хара имгакәа, Гагратәи аҷкәынцәа рыԥсы ршьарц рхы ахьнықәырҵаз, аӷацәа рылахысуа иалагеит. Рамин Аиба иашьа гәакьа Рома иԥсҭазаарагьы убра иҿахҵәоит. Ахаан исхашҭуам, "Рома дыршьит" ҳәа аҳәҳәара ианалага, Рамин иблақәа…", — ҳәа игәалашәара хьанҭақәа ҳаицеиҩишеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьран 19 шықәса зхыҵуаны абџьар иаҵагылаз аибашьҩы Алхас Қәпалба.
Ажурналист Саида Жьиԥҳа Sputnik Аԥсны иазлырхиаз анҵамҭа — "Сҩызцәа сыбла ихгылоуп": Алхас Қәпалба игәалашәарақәа" аԥхьаразы ишәыдаҳгалоит.
#social
Post #21036
27
