Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 254 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Смоленсктәи, Калугатәи, Курсктәи, Воронежтәи, Липецктәи, Тамбовтәи, Риазантәи, Орловтәи, Саратовтәи Ростовтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп
Москватәи арегионқәеи,
Краснодартәи атәылаҿацәи, Ҟрыми, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿи.
Post #21037
23