Апарламент адепутатцәа ареспублика Адгьылтә закәанеидкыла аусура аларгаразы азакәанпроект рыдыркылеит.
Жәлар Реизараҿы аҳәынҭқарра ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иазгәеиҭеит, ари "техникатә зҵаароуп" ҳәа.
Азакәанеидкыла ахаҭа апроект актәи аԥхьарала ирыдыркылеит ԥхынгәы 22 рзы. Убри аан, азакәанеидкылақәа реиԥш иҟоу азакәанԥҵаратә актқәа хазы азакәан аусура иалагоит, уи етап-етапла амчра аиура аԥҟарақәа ҳәаақәнаҵоит, аиҭаҵратә ҭагылазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит. Усҟан, ԥхынгәы 22 рзы ари аҩыза азакәан рыдрымкылеит ҳәа азгәеиҭеит Шамба.
"Азакәанеидкыла ахаҭа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Уажәшьҭа Адгьылтә закәанеидкыла апроект анаҩстәи аус адулара ацҵаразы уи иацу азакәан апроектқәагьы актәи аԥхьарала ирыхәаԥштәуп", — иҳәеит иара.
Post #20966
15