TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 588 subscribers
Post #20949 24
Аԥсны Аиустициа аминистрреи Абызшәатә политиказы Аҳәынҭеилаки Аԥсны аҭоурыхтә географиатә хьыӡқәа рыхьчара нап адыркуеит.

Иахьа имҩаԥысит аминистр Анри Барцыци аилак аиҳабы Гәында Кәыҵниеи реиԥылара.

Мзызс иаиуит ашәарыцаҩцәеи аныҟәаҩцәеи иҟарҵаз аҳәара, урҭ игәарҭеит ашьха ҭыԥқәа рыхьӡқәа шеицаку.

Аҭоурыхтә географиатә хьыӡқәа атәыла акультуратә, абызшәатә ҭынха иахәҭакуп ҳәа азгәарҭеит аиԥылараҿы. Ҷыдала агәҭынчымра рызцәырнагоит аҳәаанырцәтәи аелектронтә хсаалагақәа, уаҟа ахархәаҩцәа лассы-лассы рхала аҭоурыхтә аобиектқәа ахьыӡ ҿыцқәа рырҭоит.

Аиустициа аминистрра ажәалагала ҟанаҵеит апрофильтә структурақәа рымчқәа еиднакыларц, "Агеографиатә обиектқәа рыхьӡқәа рзы" азакәан еиҳа хра аманы аус ауларц азы. Хықәкы хадас иҟоу уи ақәныҟәара иацклаԥшло аусбарҭа аилкаара ауп.

Гәында Кәыҵниаԥҳа аидеиа дадгылеит, агәрагара аалрыԥшит Аҳәынҭеилакы ацхыраара аҟаҵара ишазыхиоу. Излеилкаахаз ала, уаанӡа ари аусхк аҭагылазаашьазы аилак акомпетенциа иаҵанакуан, аха ԥыҭрак ашьҭахь уи азы апунктқәа уантәи иаҟәыргеит.

Иалкаау ауснагӡатәқәа разгәаҭаразы ргәы иҭоуп Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Аҳәынҭқарратә кадастртә палатеи алархәны инарҭбаау аиԥылара амҩаԥгара. Ирылацәажәараны иҟоуп аофициалтә хьыӡқәа закәаншьаҭада рхархәареи реицакреи рзы аҭакԥхықәра азҵаарагьы.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Sep 24, 2026Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз амцакра дырцәеит ҳәа адырра ҟаиҵеит АҶ рминистр Алиас Аҩӡба. Ам…
  2. Sep 24, 2026Аҳабла ҿыц аҟны амца зкыз акоммерциатә хыбра ахәҭак еилаҳаит ҳәа Sputnik ахь адырра ҟаиҵеи…
  3. Sep 24, 2026Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны ахыбра абылара иаҿуп. Амцарцәаҩцәа аҭыԥ аҿы иҟоуп. Аԥсны Аҭагылазаашь…
  4. Sep 24, 2026Ахәыҷтәы шәҟәыҩҩы, афилолог, апсихолог Анна Гончарова Аҟәа иҟоу ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны…
  5. Sep 24, 2026Лыԥсҭазаара далҵит Владимир Высоцки иԥшәмаԥҳәыс, актриса, ашәаҳәаҩ Марина Влади. Лара 88 ш…
  6. Sep 24, 2026Апартиа "Иаку Урыстәыла" еиҳа адгылара ҳаракы арҭеит Аԥсны, Белоруссиа, Аахыҵ Уаԥстәыла, М…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →