Урыстәыла атәылауаҩра аиқәыршәаразы Аԥсны атәылауаа рҟынтәи адокументқәа рыдкылара атемпқәа 5-нтә инарзынаԥшуа реизырҳара ргәы иҭоуп жьҭаарамза анҵәамҭазы.
Абри атәы ителеграм-канал аҿы иазгәеиҭеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.
Лаҵарамзеи рашәарамзеи рзы 120-120 рзаҳал аус рыдырулон, адокументқәа рынашьҭразы агәаран иқәгылаз 3 нызқьҩык ыҟан. Ареспублика атәылауаа Ацҳаражәҳәарҭаҿ иашшуан, апроцесс ццакымкәа ишцо азгәаҭо.
"Росатом" атехнологиала аиҷаҳаратә технологиақәа рганахьала "Сенеж" аус зуа аспециалистцәа Ирина Кириловеи Сергеи Ильини аконсултә ҟәша аусзуҩцәа рыцхырааразы ари аус иадԥхьалоуп.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арзаҳал алазҵаз рдокументқәа рхарҭәаараан ирыцхраауа аволонтиорцәа нанашьҭит.
Абасала, цәыббрамза анҵәамҭазы 400 рҟынӡа арзаҳалқәа аус рыдулара алыршахоит, жьҭаарамза аихшьаалақәа рыла ирыгәҭакуп 600 рҟынӡа арзаҳалқәа аус рыдыруылартә еиԥш аҟаҵара.
Иара убасгьы иазԥхьагәаҭоуп араионқәа рахь анашьҭразы иахәҭоу аинформациа зегьы зну астендқәа рыҟаҵара.
Усеиԥш аан иахәҭоу адокументқәа рсиа роурц азы ауаа аҳҭнықалақь ахь ацара аамҭа ақәдырӡӡом.
Post #20931
39