TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #944 774
👰🏼Ачараҿы аԥсшәеибыҳәашьақәа

"Уа, Радеда, Мафа! Диҳәеит, дигеит, дичаԥеит!" Аҭацаагарашәа абжьы ахыҩуеит ҽаҩраҭагалан барақьаҭ.

Аԥсуа чара иԥшӡоу, ихаау ахатә етикет ацуп, иара амҩаԥгашьа аамҭа иацныҟәаны аҽшарҿыцуагьы, агәыцә ԥсахра ақәымкәа иаауеит. Агәыцә ахь иаҵанакуеит аԥсшәеибыҳәара.

Иахьа ҳгәырӷьара ауаа рацәа еизнагоит, асасцәа еибадыруа ишаабац ала аԥсшәақәа еибырҳәоит, аха аԥшәмацәа иреиуоу баша иаагәыдкыланы урывсыр иашам, урыдныҳәалароуп. Аҿар иҳаԥхьо џьара ишәыхәап ишьақәгылахьоу абарҭ азеиӷьшьарақәа:

🟠 Ҭацамш даажәгааит!
🟠 Чарамш жәуааит!
🟠 Шәрықәгәырӷьааит!
🟠 Еидымшылахааит!
🟠 Амреи амзеи реиԥш еигымзааит/еидажәлааит!
🟠 Шәзыргәырӷьаша Анцәа ишәзааигалааит!

Аԥшәмацәагьы "Абзиара шәақәшәааит!" ҳәа шәырныҳәоит аҭакс.

Ачара аҟнытә асасцәа аҩныҟа рцамҭазы ҩаԥхьа аԥшәмацәа иаарыдгыланы ирҳәар бзиоуп игәырԥсаҳәагоу ажәа ҟәандақәа: "Еснагь абзиараз ҳашәзааилааит!", "Шәашҭаҿы абзиара ҟало Анцәа иҳәааит!", "Аизҳара, аҿиара шәымазааит!" Аҭак: "Иҭабуп! Абзиаразы ҳшәызнеилааит".

Аԥсшәа уарԥшӡоит, шәаҵаҽырбан ишәҳәала! 🤗

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 😍 14
  • 👍 12
  • ❤ 6
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  2. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  3. Oct 8, 2026Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭа…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  6. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →