TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #713 413
Аӡахәабӷьы хәшәуп ҳәа рыԥхьаӡон аԥсуаа.

Ахьҭа зцәа иалоу аӡахәабӷьы ршны ижәлар илнацоит рҳәон. Умгәа анеиласлакгьы уеиҿанакуан (ижәтәын акрыфаншьҭахь).

Ахәдахьаа акәзар, ирхәышәтәуан абас: хԥа-ԥшьа бӷьы х-ҵәыцак аӡы наҵаҭәаны агәараҳәа идыршуан, ианҟәандахалак рыхәда шәымзар, иҭдыршон, ҽнак хынтә-ԥшьынтә.

Аԥхын арҵәы аӡы лассы ибжьысыр алшоит, уи азы аӡахәабӷьы аларҵон, акыраамҭа иԥхасҭамхарц.

🍇 Аӡахәааӡара ашьаҭа ахьакыз аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп Аԥсны. Абнаӡахәа ара иҿион апалеолит аахыс, ирааӡо иалагеит аџьаз аамҭа инаркны.

Ахыҵхырҭа: Цира Габниа
«Амифи аритуали»

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 15
  • ❤ 4
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  2. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  3. Oct 8, 2026Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭа…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  6. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →