TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #704 626
"Смачхәал цым-цым ҭыҳәҭа змамыз Сыхәда инхысшьын, снаҵысит".

Абас иалагоит Иуа Коӷониа еицырдыруа иажәеинраала "Ашәарыцаҩ ашьха". Изакәузеи амачхәа́л?

Амачхәал, амаџьар, амачыҟәа, аӡамҭа уҳәа убас иҵегь – ажәытә излашәарыцоз, излеибашьуаз шәақьқәоуп. Дара акыр ирацәоуп, хаз-хазы рсахьақәа ааганы рҷыдарақәа ҳазрыламцәажәар ҟалап, аха рыхьӡқәак еидаҳкылеит.

Аԥсуа хаҵа, ашьхауаҩ абџьар имазар акәын. Ашәақь бзиа џьынџьуп, аб иҟынтә аԥа иахь ииасуан, иахьагьы ус ауп. "Ахьӡ алаугааит!" ҳәа мыц зымҳәо абџьар ҳамҭас аҟаҵара патуқәҵара дууп, аиҩызареи аиашьареи ирдыргоуп.

"Ашәақь ахы аҩсҭаа дҭатәоуп" рҳәоит. Егьа ишеиҵам удыруазаргьы, ауаҩы иқәкра ҵасым, агәыцә аҭаԥшра ҟалаӡом.

🔸 Дхысны дцеит – он добился успеха, вышел победителем.

🔸 Ашәақь еиҵамҵа ҳгәыдиҵеит – он нас опозорил; подвел.

🔸 Асамԥал еиҧш уиашоуп – ты совершенно прав (ирония, "ты прямой, как курок").

📖
Ашәақь гәыцәеизада – гладкоствольное ружье;
Ашәақь гәыцәҭаԥҟа – ружье с нарезным стволом;
Зынҭырҟьеиа ашәақь – однозарядное ружье;
Аҵы́сшәақь – дробовик;
Ашәақь ҩ-ҿык змоу – двустволка;
Аҭаҳәҭеи, аҭыҳәҭа – чехол для ружья;
Ахызаҵә – ашәақь гәыцәеизада злеиҵарҵоз.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 15
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  2. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  3. Oct 8, 2026Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭа…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  6. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →