TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #61 463
✏️ Гхада иҳаҩлап

Анаԥхгаҩы❌ – Анапхгаҩы ✅

Ари ажәа мариоуп, аха иҟоуп ииашамкәа изыҩуа. Анапхгаҩы́ (руководитель) – анапхгара́ аҟынтә иаауеит, "анапы ахгара" (руководить, "рукой водить"), анбан -ԥ- ара ус амаӡам. Знык абри гәнызкылаз уаҳа агха ихьуам.

Анапы аханатә "амапы́" ҳәа акәын ишырҳәоз, ҳбызшәаҿы ари ашьаҭа иахылҿиааз ажәақәа даараӡа ирацәоуп. Иҟалап, амал, амазара, исымоуп (снапы иакуп) реиԥш иҟоу аилкаарақәагьы анапы иадҳәалазар. Ирымҳәои "амал-шьал" ҳәа, -ма, -шьа араҟа анапи-ашьапи иртәышьҭразар ауеит, ус иҟоу ажәақәа ҳбызшәа иалоуп:

📖
Мацқьа-шьа́цқьа
– чистоплотный
Амагә-шьа́гә – человек с физическими недостатками
Напышьашәа́ла – врукопашную
Анапҟьа́-шьапҟьара – жестикулировать

Ишакәхалакгьы, хыхь ижәбо абыӷьшәаҿы иааҳгоит реиҳа аинтерес зҵоу ҳәа ҳгәы иззаанагаз, насгьы гәыҩбара зцым ажәарыԥхрақәа.

Даара уархәыцуеит ԥшь-хәҭакны еиҿартәоу ажәа "амару́га" (инструмент) – а-ма-р-у-га (унапы аус азыруа акы), -м араҟа амапкратә формоуп иаанарԥшуа ҳәа иҳамазкуа ҟаларгьы, логикала уахәаԥшуазар, анапоуп изыдҳәалоу.

Ахыҵхырҭа: Аԥсуа-аурыс жәар. Еиқәиршәеит Владимир Касланӡиа. Аҟәа, 2005.

#ажәарыԥхрақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 11
  • 🔥 8
  • 🤗 2
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  2. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  3. Oct 8, 2026Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭа…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  6. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →