Нарҭаа рҳаԥшьа ду Ҩаӡамакьаҭ ируааӡа иандыршә, аԥҽыхақәа Аԥсны зехьынџьара иахьӡеит, ажь агәаӷьқәа ахькаԥсаз аӡахәа гылеит, аԥсуаа игәарҭан ианырҵеит🏺
Алегенда ишаҳәо ала, хышә инарзынаԥшуа ажьжәлақәа рааӡон ҳажәлар. Хышә ҳзымԥшаазаргьы, еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа шьҭыхны, шәкы рҟынӡа рыхьӡқәа еидаҳкылеит. Реиҳарак аԥсуа ӡахәажәлақәоуп. Хыԥхьаӡара аиқәаҵәақәа еиҳауп, аха ашкәакәа ахкқәагьы маҷым. Урҭ рыла ҳагьалагап:
Ажь шкәакәақәа:
Аԥсуажьыш
Абаажьы́ш
Абжьы́ш (аӡын иҟалоит)
Абы́сҭажь
Агашкəы́р
Áӷжьыш
Аӷьы́жь
А́жьчара
А́жьшгьама
А́жьшхəаҭа
Азырда́гь (аиқәаҵәагьы ыҟоуп)
Акамшəҭа́л // Акамышəҭа́лжьы
Аклы́жь
Амханкəы́р
Ԥаҭлы́жь // Татлы́жь // Аҭлы́жь
А́ҭырқəажь
Аҭəы́ражь // аҭәы́жь
Ауаса́жь // ауасаражь
Ауасы́р
Ауасырхəа́
Ҳагбы́жь
Аҳаԥшьара́жь // Хаԥшы́ражь,
Ахбы́ш
Ахаԥтры́жь
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #415
383

- 👍 17
- ❤ 2