"Ахьурӡи" "абысҭеи" абантәаауеи?
Арҭ аҩ-ажәак иахьа ҳзышьцылахьоу аҵакқәа ракәымызт аханатә ирымаз.
Аҽаҩра бзианы ианыҟамлоз, ма аарыхра аҭагалаха анырмоуаз (аибашьрақәа ирыхҟьаны) аԥсуаа амлакра рҽацәырыхьчон ахьа чысқәа рыла. Ижәны, иӡны ишаабац афара адагьы, идырҩон, ашыла алырхуан. Убас, ашьха-ҿаҩа қыҭақәа рҿы инхоз ҳабдуцәа ахьа шылала абысҭа ауразы икнарҳауан ахьурӡы (вода для приготовления каштана). Даҽа версиак ала – ус ахьӡын ахьашыла ахш аҭаны идырмазеиуаз афатә ахаҭа.
Ахьа уи адагьы ирацәаны ачысқәа алырхуан: ахьамгьал, ачаџьқәа, ачаԥақәа, ақалмышь уҳәа убас иҵегь.
Абы́сҭа – амиҵиаа хьӡуп, чумиза аанагоит (мамзаргьы "могар", "головчатое просо"). Ашы/ашырӡ, ахәыӡ/абысҭа – зегьы "просо" ахкқәа роуп. Зынӡа 400 инареиҳауп дара. Аџьықәреи, ишыжәдыруа еиԥш, Аԥсны ахы-аҵыхәа еицгәаҭан иаадрыхуа иалагеижьҭеи рацәак ҵуам (ХIХ ашә. аҩбатәи азбжа). Уаанӡа абысҭа злырхуаз аши ахәыӡи (абысҭеи) ракәын. Ачарыц акәзар, наџьнатә аахыс ирдыруан аԥсуаа. Ҳажәақәа: ача, ачара, амуча, ачыӷь, ачгара, ачгахьа уҳәа уи дыршаҳаҭуеит.
Алуқәа ҟалаанӡа ашырӡ алаҳәараҿы ирлаҳәон, ирдыдуан, идыргәӡон – ус иҟалеит "ашы" (пшено), "ашыла" (мука).
🔸Аши ахәыӡи реиԥш еилихит, еилеиҵеит – разобрал по косточкам;
🔸Бысҭаԥхак иҿарҵом – ему житья не дают;
🔸Ибысҭафара аҵыхәа ԥҵәеит – его лишили куска хлеба;
🔸Бысҭахьк ҳфоит – кое-как перебиваемся;
🔸Ахьурӡы ахәа нҭаԥсо еилатәоуп – всей семьей скорбят.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #413
424

- 👍 16
- ❤ 2