TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.24K subscribers
Post #298 337
Ахьыуардын Араҵла иҿало араса захьӡыми? 🌰 Араса́ ажәа ҩбаны ишьақәгылоуп ара + с’а (фундук, букв.: "мелкий орех"), аҵиаагьы иаҿалогьы ажәакны ицоит. Араса ссоуп, еимҿаԥаны иҿалоит, шьапырацәалагьы еилагылоуп. Ара́ акәзар, ҵла духоит, ашьапқәа хаз-хазы игылоуп, иаҿало…
Хыхьтәи ҳанҵамҭа хаҭәаахом, абри ҳамҳәар:

Ҵоуп, агыршәа иалоуп ажәа "какали", аха уи иаанагаӡом, акакан аԥсышәам ҳәа. Ажәа иаланагалаз анакәу, аҵакы ҭшәоуп, иалкаау хархәашьак ауп иамоу: иаҳҳәап "а́гәнаҳа" (грех), тиурк ажәоуп, "агәы" иадҳәалаӡам.

Акака́н акәзар, ажәахырҿиаарала ибеиоуп, аҵакқәагьы акы аасҭа еиҳауп. Актәи аҵакы акакан иуфо, аҩбатәи акакан/акан иуҿаԥсо (веснушки), ахԥатәигьы ака́н – чешуя.

Ара злоу ажәақәа: ара́ԥа (незрелый орех и его зеленая наружная скорлупа), арашы́ (ореховый соус), Раԥарбаа́ (сентябрь), Раҟәы́бан (октябрь), ара́мҿыӷ (ранний сорт гр. ореха), араса́ц (плод фундука), араса́гәыгә (поросль фундука), араса́ԥса (сережки лещины) уҳәа иҵегь акыр.

🔍Атопонимқәа: Араҿарра, Араду, Аракьаҿы, Кәач-ира, Раԥыҵа, Раԥырбаа (Ԥсҳәы иаҵанакуа ҭыԥхьӡуп); Ҳәаадыкакан (Блабырхәа иатәуп), Расӡахы, Расагәарҭа уҳәа убас егьырҭгьы.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 9
More from @apsua_sputnik
  1. Sep 29, 2026Амалабаша аџьабаа збо, излымҵуа аус иаҿу, башаӡа зыҽзырааԥсо изы ишԥарҳәо аԥсуаа: Аԥсшәа-p…
  2. Sep 29, 2026АЏЬАБАА БАША (иҟалахьоу ажәабжь) Ари ажәабжь саҳаижьҭеи акыр ҵуеит. Усҟан сыҷкәынаӡан. Ҳаи…
  3. Sep 27, 2026Хьымза ҳәа аӡӷаб хьӡы зхәыцыз ҳабацәа абас иҟоу аԥшӡара рыбла хнакуазар акәхарын. Иахатәи…
  4. Sep 27, 2026🖼️ Аҟәатәи аевкалиптқәа Аҟәа ахақәиҭразы аҵыхәтәантәи ажәылараҿы иҭахаз асахьаҭыхҩы Зураб…
  5. Sep 27, 2026Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мб…
  6. Sep 24, 2026🍽 "Асас афатәгьы ицыҩналоит" (Ажәаԥҟа) Жьыхәҭала еиҿыҟьҟьаны ижәу акәац, ишдыру еиԥш, доу…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →