TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #1218 1.29K
🏆 Излеиԥшыми аҿеи ахраҿеи?

А́ҿа (бокал, кубок) — рыжәга маҭәахәуп, пату зқәу акоуп, амҿы иалхны иҟарҵон, акыр идуун, аҩы аларжәуан. Ахраҿагьы ԥшрала иароуп, аха ахьӡ ишаҳәо еиԥш, уи ахарҵәи ахши ирызкын: ах-р-аҿа (букв.: "бокал для молочных напитков").

Абри аҩыза аинтерес зҵоу азгәаҭа ҟаиҵоит Баграт Шьынқәба еиқәиршәаз "Аԥсуа жәлар рпоезиа" ашәҟәаҿы. Абызшәа шцәажәо! Ажәақәа "ахраӡага", "ахаҷа", "ахҷаҭ", "ахџьаџьа", ахааҵа" рҿы иҟоугьы -х "ахш" иатәуп.
Ацәымш-уаҩымш инапкымҭа: ахраҿақәа — аххьала узлахәо (Рушьбеи Смыр)


Азҵаара цәырҵуеит, иҳамоума иҵегь абасала ишьақәгылаз, ачысмаҭәа аазырԥшуа ажәак ҳәа. Ҳхаҿы иааиуеит "аирыӡ", ХХ ашәышықәса азбжанӡа бзыԥаа рахь а́ҩрыӡ ҳәа зҳәозгьы уԥылон, уи ус шакәыз аирбоит бзыԥтәи адиалект монографиала иҭызҵааз абызшәадырҩы Хәыхәыт Бӷажәба, аҩ-ры-ӡ (глиняный кувшин для вина).

Ацыбжьыҟа -ҩ зынӡа ҳәа ашьҭыбжь -й ахь иахьиасыз ҿырԥшуп иара убас "аинцәыш" ажәа, ажәытә аԥсышәала ирҳәон "аҩынҵәыш" ҳәа, ацәажәараҿы иахьагьы иуаҳауеит: ҩажәа ахаҭыԥан — йажәа; алымҳарыҩ — алымҳарый, ажәҩан — ажәйан, афҩы — афйы, ажәыҩшәаҟьа — ажәишәаҟьа уҳәа убас иҵегь.

Аҿеи ахраҿеи 0,25 литра ркуеит, урҭ иреиҳауп ачаҟәа́, амашьара́ԥ, ахмаҷы́р — 0,5 литра, урҭ иреиҳауп аҭа́ҟә — литрак. Арҭ амаҭәарқәа ахархәара дуны ирыман, аҟәрышька ажәагьы ахаҭагьы аԥсуаа рыԥсҭазаара иаланагалаанӡа.

Убас, уажәшьҭа ҳара ҳхаан имузеи-ажәақәаны инхоит аԥшьырҳа́, абҟәы́л, аҟәџьа́л, аԥҳа́л, адыргьла́.

Афото аҟны: Аԥсҳа Баграт II ихьҿа, уаанӡа ашьапы аман (золотая чаша абхазского царя Баграта II, подаренная Бедийскому храму)

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • ❤ 15
  • ❤‍🔥 4
  • 👍 3
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  2. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  3. Oct 8, 2026Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭа…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
  6. Sep 30, 2026Ԥсра зқәым архәҭа Аиааира 33 шықәса ахыҵра аҽны, цәыббра 30, 2026 шықәса Аиааира иациуеит…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →