TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #1193 766
Ицқьоуп, иласуп, иҵаулоуп, исахьаркуп аԥсуа литература ашаеҵәа Иуа Коӷониа ипоезиа. Ажәлар рзы дҵеи лашаны диит унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ахаҵа шьахә, аҽыбӷаҟаза ду Абас Коӷониа иҩнаҭаҿы абри аҽны 120 шықәса раԥхьа.

Дыҷкәынаны аԥсуа сахьажәа еиҳау аҩаӡарахь ихазгалаз, хәыҷгьы-дугьы бзиа ирбо, ухы-угәы иҭымҵуа арҿиамҭақәа ҳзынзыжьыз. "Ианысымҵар, измыҩыр ирхашҭуеит жәлара" ҳәа ажәытә жәабжьқәа, аҳәамҭақәа иаҳаз ырсаны, баҩхатәра ссирла аԥсы рхазҵаз.

Аԥсуа жәлар икалам иаҵашәҭыз апоемақәа иаразнакала ишьҭырԥааит, рҭоурых, рлеишәа, рҵас-қьабз аҷыдарақәа ӡырызгоз ракәны, насгьы изакәытә ԥсабараз иааирԥшуаз, ажәа еинраалала ихырҷаны, изаҳауаз зегьы иџьаршьо-илакәыршьо аҟынӡа.

Алирика угозаргьы, Иуа иҳәоу артәашьа, игәаартышьа ухнахуеит, знык уаниԥхьалак гәыцхәык иеиԥш дузааигәахоит, угәы изыбылуеит. Ирацәоуп иара иҿы ада уаҳа ҽаӡәы иҿы иуԥымло ажәа ссирқәа.

Иуа ипоезиа аҩыза уажәшьҭа изиӡом, уи еиԥш аԥсышәа шьҭа иҟаӡам азы, кьыс змамыз, тәым бызшәа ныррак змауцыз аԥсуа хәыцшьа, аԥсуа дунеихәаԥшра еибгала. Уи азынгьы наунагӡа дҿырԥшыганы, дҳаракӡаны даанхоит иара. Уи азоуп ирҿиара иԥшьоу акеиԥш изазыҟоу атәы еилызкаауа аԥхьаҩцәа реиԥш, ишьҭанеицәа хатәрақәагьы. Баграт Шьынқәба 16 шықәса ракәын ихыҵуаз абарҭ ацәаҳәақәа аниҩуаз:

«Ҳгәыла исеиҳәон: – Дад, уаҳҭаа,
Дад, уаҳзаԥхьап "Абаҭаа",
"Хмыҷ шәарыцаҩ ныҟәаҩы",
Иаднагалоит аӡәырҩы».

Ахаҿы аагара уадаҩуп иҵегь шаҟа ирбеиарыз ҳкультура, абасҵәҟьа заа иаџьал ихымццакызҭгьы. Даара ихьаауп Москваҟа данцоз ишьҭихыз инапҩымҭақәеи, уа дыҟанаҵ иаԥиҵазгьы ахьеиқәымхаз. Алахьынҵа... "даара бзиа ирӷәӷәа ддәықәлеит", аха уи дзахымԥагәышьеит. Дзыхьӡаз шьаҭамырӡганы ари адунеи иазынхеит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 17
  • ❤‍🔥 5
  • ❤ 4
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 14, 2026АӠЫНҴӘА Амҵәышә халоит, илбаауеит, Саб ҳҵәагәаҩа иҭаауеит. Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа Самҵагылоуп…
  2. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  3. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  4. Oct 8, 2026Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭа…
  5. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  6. Sep 30, 2026Иахьа иҳамоу аиааира аԥсыцқьақәа рацәаны ишахҭынҵоу ҳхаҳмышҭуазароуп ҳәа лҳәеит Аԥсны Аџьы…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →