Аԥсны Жәлар рартист, амаестро Роза Чамагәуаԥҳа иацы инхшәаз ԥҳәызба қәыԥшны Аҟәатәи акультуратә-ҵаралашаратә ҵараиурҭа даналга, лҟазареи лгәақәкреи гәаҭаны аҵараиурҭаҿы рҵаҩыс даанрыжьуеит. Абраҟа ҽышәала аус луа дышнеиуаз абаҩхатәра злаз лҵаҩцәа ааидкыланы иаԥылҵоит ансамбль, аамҭа кьаҿк ала ауаа еицгәарҭаз! Иахьа Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруа, хьӡи-ԥшеи змоу аҭыԥҳацәа рколлектив ахьӡ азҭаз дхаҵоуп — усҟан акультура аминистрс иҟаз аҟазараҭҵааҩ Алықьса Аргәын.
Роза Чамагәуаԥҳа лгәалашәарақәа, Анатоли Лагәлааи лареи реиҿцәажәара аҟынтә:
"Ҽнак зны Едуард Бебиа [ахореограф ду, абалетмеистер, Аԥсны жәлар рартист, Акультпросветучилишье аиҳабыс иҟаз] ус сеиҳәеит: "Роза, ари бызҿу аԥеиԥш бзиа змоу акоуп, афилармониа ашҟа ииагазар еиҳа еиӷьхоит", — ҳәа. Усҟантәи акультура аминистр Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын афилармониа анапхгара ааԥхьара риҭан, ҳансамбль иазирӡырҩит, даара иргәаԥхеит, иара убас афилармониахь ииаргеит. Аҵараиурҭаҟны аҷкәынцәагьы алан, аха аминистр ус сеиҳәеит: "Аҭыԥҳацәа рхала иаанҳажьп, ансамбль "Гәында" ахьӡаҳҵап, Нарҭаа раҳәшьа ԥшӡа лыхьӡ шәыхьӡзааит!" Саргьы сақәшаҳаҭхеит, лыхьӡ ҳмырԥхашьааит сҳәеит".
Доуҳала, ламысла згәы ҭәу, зус агәра зго анҵыра иоуеит. Аибашьра ашьҭахь ансамбль ҿыц ишеидкылатәхазгьы, гәкажьра ҟамҵакәа ауадаҩрақәа зегьы дыриааит. Лбаҩхатәра амҵәыжәҩа иҵаку ансамбль "Гәында" 45 шықәса ахыҵуеит, гәыкала ирыдаҳныҳәалоит. Ҽаангьы, цахәгьы, цабжьгьы ԥшӡала инеилааит! Аԥшӡаразы дара ирбап, жәра рықәӡам.🌸
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #1082
611
Ахьыуардын Ашәа шә-аџьалк урыхнарԥоит. (аԥсуа жәаԥҟа) Ааԥын иагәылԥхаауа ансамбль "Гәында" рҟазара еснагь еиԥш агәалаҟара ду ҳнаҭеит, ишәыцеиҩаҳшоит🫶 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
- 👍 18