Аԥсуаа рынцәахаҵаратә система ажәытәан ӷәӷәала иҿианы ишыҟаз, ишыҭбааз, иахьанӡагьы еиқәханы ишыҟоу аҵарауаа аӡәырҩы изныкымкәа иазгәарҭахьеит.
Аԥсуаа рҟны жәытәаахыс изымҵаныҳәоз анцәахәқәа рахьтә иҟоуп ажәытәра иагақәазгьы.
▪️Ага анцәахәы — ас еиԥш иҟаз анцәахәы изкны аԥсуаа аныҳәара мҩаԥыргон амшын ахықәан акыр аамҭа аангыларҭас ианроуаз. Ари анцәахәы игәхьаа умкыр даара ицәымӷуп, дгәаауеит ҳәа иԥхьаӡан.
▪️Ашьха анцәахәы — ари анцәахәы ашьхақәа дырхылаԥшхәын, ахьшьцәа аԥхын ашьха рырахә анкарцоз, иара убас шьхалбаан арахә аҩныҟа ианаарцоз аламҭалазы зыхьӡ ҳамоу анцәахәы изы аныҳәара мҩаԥыргон. Ашьха анцәахәы ишьақәыргыланы имоу аԥҟарақәа еилазго иранаижьӡомызт.
Ажәытәра иагаз нцәахәқәак рыхҳәаа шәаԥхьар ҟалоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.
#social
Post #21436
25