Аҟәа Инал-иԥа имҩаҿы амҩатә машәыр ҟалеит.
Аҳәынҭавтоинспекциа иаанацҳаз адыррақәа рыла, амашьына "Мазда" амҩа хада ианылеит, "Мерседес" азы аԥынгыла аԥҵаны.
Амашәыр иахҟьаны амашьынарныҟәцаҩцәа руаӡәк, аԥҳәыс, амашьына дҭанарбгеит, аахақәа лоуит. Ааха лоуит аҩбатәи амашьына апассаџьыргьы.
Ааха зауз рҩыџьагьы ахәышәтәырҭахь инаргеит. Аус азы аматериалқәа еизганы Аҟәа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь инашьҭуп.
Post #21006
48