Лаша Ашәба Аԥсны ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит иааиуа аныҳәақәа – Аҟәа ахақәиҭтәра Амши Аиааира Амши.
"Арҭ амшқәа рзы ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳреспублика ахақәиҭра зхы ақәызҵаз зегьы, урҭ ргәалашәара ҳаҭыр ҳзақәуп, ҳәарада иахьа зыԥсы ҭаны иҳалагыло аибашьра аветеранцәа ҳаҭыр ду рықәаҳҵоит, урҭ иахьа ҳара иҳацуп, Аԥсны Апарламент аҿгьы ареспублика аизҳазыӷьаразы аус руеит, аҿиара иацхраауеит", — иҳәеит Апарламент аиҳабы.
Post #20970
15