TGViewer
Ахьыуардын Ахьыуардын @apsua_sputnik · 1.25K subscribers
Post #208 375
Аԥсуаа ақьырсианцәа иахьа "шәыла бысҭала" зыхьӡу аишәаргылара мҩаԥыргоит, иацы сабышан згьама рбаз Ацқьашә ԥырҟоит.

Иҳаҩсыз амҽышазы "кәацла бысҭала" ҟарҵеит. Уаҵәы – хәажәкыроуп, иарала 40 мшы ицо ачгара ду иҵалоит. Ишдыру еиԥш, ҳмилаҭ хаҿра зныԥшуа арҭ ақьабзқәа Амшаԥы ааира иазкуп.

Мшаԥы – зегьы иреиҳау ныҳәоуп аԥсуаа ҳзы. Ажәа ахаҭа "аԥа́мш" ҳәа идырцәажәоит, ҳҿызхуа Қьырса игылара иазкны (ажәлар ретимологиа ауп). Ҳгәанала, амшаԥы раԥхьаӡа иргыланы ааԥынра иадҳәалоуп — аԥсабара ааԥшра, аиаҵәара агәылҵра, аԥсҭазаара иаго аиааира.

Иахьатәи аишәаргылара ашәлых адагьы иадырбоит ақашь, ачаџьқәа, ачамчамыта, ахарҵәы-ӡҩа, ацха-ӡҩа, ахышәҭ-мышәҭ. Арафы афҩы лаҳа-лаҳауала иҩнарҵоит ацәа цқьа былны. Аҩеиқәаҵәа, ауаҭка, аӡы иахныҳәаны ихырҭәалоит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
  • 👍 12
  • 🙏 7
More from @apsua_sputnik
  1. Oct 14, 2026Аԥҳәызба лыԥшӡара иахҳәаау афразеологизмқәа: 🔸 Мрада дкаԥхоит. 🔸 Мзада дкаҷҷоит. 🔸 Цәым…
  2. Oct 14, 2026АӠЫНҴӘА Амҵәышә халоит, илбаауеит, Саб ҳҵәагәаҩа иҭаауеит. Аҵәагәаҩа – аӡынҵәа Самҵагылоуп…
  3. Oct 11, 2026Иштәоу иԥсылахо аҟаб, апатырқал-ԥшшәы змоу, уаа-шәҩык зҭачаша ар рычуан ду иаҟароу, џьгьар…
  4. Oct 11, 2026Иахьа зегь ҳаблақәа хоуп Лыхнашҭахь — абарақьаҭреи, аԥшӡареи, аԥсуареи рныҳәа ахьымҩаԥысуа…
  5. Oct 8, 2026Ажьҭараамза — жьҭаган ҳҭоуп, аха уажәыгьы џьара-џьара ахьшәа лаҳақәа ахьҿоу уԥылоит. Аамҭа…
  6. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →