Аиқәшәара аартуа ААУ аҭҵаараус апроректор Џьульетта Адлеиба иазгәалҭеит, В.Г. Арӡынба игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә астудентцәа ҭакԥхықәра ҳаракыла ишазнеиз, насгьы аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара шьарда шаҵанакуа. Астудентцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо Џьульетта Ианкәа-иԥҳа аҳаҭыр шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рнапаҿы идлыркит.
Аҳаҭыр шәҟәқәеи аҳамҭақәеи ранашьан:
- афилологиатә факультет астудентцәа:
Саид Ҳагба,
Арсоу Аршба,
Леон Кархалаа,
Владислав Уанача,
Мадина Дараселиа,
Камилла Кархалаа,
Иланда Ҵкәуа,
Мадина Амҷба,
Милена Кәыҵниа,
Викториа Еныкь,
Кристина Субелиани,
Илана Ԥачлиа.
- аҭоурыхтә факультет астудентцәа:
Даур Харзалиа,
Алан Кьышьмариа,
Арсоу Амԥар,
Илона Хьециа.
- апедагогикатә факультет астудентцәа:
Асмаҭ Лагәлаа,
Сариа Габниа,
Сабина Габниа,
Аманда Смыр,
Есмиральда Смыр,
Кристина Маргазиа.
- агронџьныртә факультет астудент:
Роберт Гыцба.
Амузыкатә ҵараиурҭа аҟнытә – Теона Тачулиа. Иара убасгьы ҷыдала Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа В. Г. Арӡынба игәалашәара иазкыз ахәылԥаз аҳаҭыразы амузыкатә қәыргыламҭа ахьеиҿылкааз азы.
Аиқәшәара ахыркәшамҭазы аԥсуа литература акафедра анапхгаҩы Диана Аџьынџьал
В.Г. Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра ахьӡала имҩаԥгаз агәалашәаратә еиԥылара аиҿкаареи амҩаԥгареи зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит. Ирыдылныҳәалеит иааиуа Ашықәс ҿыц. Ирзеиӷьалшьеит агәабзиара, аҵараҿы ақәҿиарақәа.
Post #5116
156