TGViewer
АГУ АГУ @info_mediacom · 360 subscribers
Post #5135 455
Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа!  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа, аусзуҩцәа, астудентцәа, амагистрантцәа, аспирантцәа! Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ашықәс ҿыц аламҭалазы, ишаԥу еиԥш, алкаақәа ҟаҳҵоит, ҳаҿиараҿы ихадоу ахырхарҭақәа азгәаҳҭоит. Ауниверситет ҳтәыла иагәеисырҭоуп: аҵарадырреи, ааӡареи, аҭҵаарадырреи еиҿыбааны, ҳаԥсадгьыл  ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахьаԥырҵо ҭыԥуп.

«Аҵарадырра милаҭтә идеианы иҟалароуп» ҳәа исымоу агәаанагареи  апозициеи рҽырыԥсахуам. Аҵарадырра ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ҳмилаҭтә шәарҭадареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рҟны ихадоу аҭыԥ ааннакылоит. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ҳтәыла аизҳазыӷьара еиҵагыло аҿар рыԥсадгьыл ахь ирымоу агәыбылреи урҭ рбаҩхатәра ҷыдеи ишрыбзоурахо. Ҳаамҭазы аҵарадырра зда ԥсыхәа ыҟам хырхарҭоуп, убри инамаданы ҳара хықәкы хадас иҳамоуп ҳдоуҳатә ҷыдара еиқәырханы, аҭҵаарадырраҿы ишьақәгылахьоу атрадициақәеи аепоха ҿыц иаланагалаз аартрақәеи реимадара.

Иҳаҩсыз ашықәс аҵак ду змоу аҭоурыхтә хҭысқәа рыла иалкаан. Ҳара ҳуниверситет Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иадҳәалаз аусмҩаԥгатәқәа иргәеисырҭахеит. ААУ аҟны еиҿкааз зымҽхак ҭбааз аиԥылара аҩаӡара ҳаракыла ари аиубилеитә шықәса хзыркәшаз акәны иҟалеит.

Иара убас, акрызҵазкуа хҭысын иналукааша аҵарауаҩ, академик Маргарита Глеб-иԥҳа Ладариа 100 шықәса лхыҵра аҳаҭыразы еиҿкааз ахәылԥаз. Аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа абиԥарақәа еимардоит, зыхьӡ нагоу ауаа ргәалашәара ҳаҭырқәҵарыла ҳшазнеиуа аадырԥшуеит.

Иҳаҩсуа ашықәс азы иара убасгьы иалкаау хҭысны иҟалеит М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети ҳареи шықәсырацәалатәи ҳусеицура иҿыцу алагалақәа рыла ахарҭәаара. Қәҿиарала аусура иацнаҵоит ААУ аҟны иаԥҵоу Аҭҵаарадырреи аҵарадырреи рцентр. Сынтәа и абазала иаартын асоциологиатә ҭҵаарақәа рлабораториа, имҩаԥган еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә усмҩаԥгатәқәа.

Ҳаимадара еицакра шақәым шьақәзырӷәӷәо ҿырԥштәны иҟалеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысуаз Аԥсны амшқәа: мҽхакыла иҭбааз «Апсны – страна души» зыхьӡыз афотоцәыргақәҵа аиҿкаара, иара убас алекциатә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны москватәи аудиториа аҿаԥхьа ААУ арҵаҩцәа рықәгылара.

Угәы иамыхәар залшом ҳҿар рбаҩхатәра ҳаракы. Убри аганахьала акрызҵазкуаз шьаҿаны иҟалеит ҳуниверситет аҟны Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Ахаҭарнакра аартра, уи жәларбжьаратәи аимадараҿы ҳастудентцәа алшарақәа жәпакы рзаԥнаҵоит. Ашықәс иалагӡаны ҳҵарауаа, ҳастудентцәа,  ҳаспирантцәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәа рҿы ҳуниверситет ахьӡала иқәгылон.

Аха 2025-тәи ашықәс ақәҿиарақәа реиԥш, ацәыӡқәагьы ҳнаҭеит. Ари ашықәс азы аҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьаагеит акыршықәса ҳуниверситет аҿы аус зухьаз, иналукааша аҵарауаа, аусзуҩцәа: Станислав Лакоба, Надежда Шалдуга, Емма Аншба, Беслан Аргәын. Урҭ рыхьӡқәа ҳҭоурых ианхалоит, наӡаӡа хашҭра рықәым.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Аидгылара аарԥшны, еицаҳзеиԥшу аус ҭакԥхықәарала шәахьазнеиуазы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Иааиуа ашықәс гәацԥыҳәарыла иҭәу азанааҭтә ҩаӡарақәа рахь шәназго аамҭаны иҟалааит!

Ишәызгәакьои шәареи ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭаацәаратә ҳәатәеиқәшәара. Ҳазҭало Ашықәс ҿыц милаҭ рацәала еибарку ҳажәлар ирзаанагааит аинҭәылареи аҭышәынтәалареи!
Ҽааныбзиала!
  • ❤ 2
More from @info_mediacom
  1. Jan 21, 2026Центр по подготовке специалистов в сфере туризма и гостиничного дела при АГУ объявляет наб…
  2. Jan 10, 2026Печальная весть: ушел из жизни Семен Александрович Галяткин Ректорат АГУ, профессорско-пре…
  3. Dec 31, 2025Алеко Гәарамиа иааиуа Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аԥснытәи аҳәынҭқаррат…
  4. Dec 30, 2025Диана Аџьынџьал Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла апремиа ланашьоуп Аҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ, А…
  5. Dec 30, 2025Дорогие коллеги! Уважаемые преподаватели, сотрудники, студенты, магистранты и аспиранты Аб…
  6. Dec 30, 2025Поздравление ректора АГУ академика Алеко Алексеевича Гварамия Накануне Нового года ректор…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →