Аҳаҭыр шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранашьан
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны Аԥсны раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра ахьӡала еиҿкааз агәалашәаратә хәылԥазы активла зхы алазырхәыз астудентцәа аҳаҭыр шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранашьара мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит ААУ аҭҵаараус апроректор Џьульетта Адлеиба, афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра анапхгаҩы Диана Аџьынџьал, акафедра арҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәа, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа, иара убас астудентцәа.
Post #5110
163





