«Адгьыл абызшәа: Аԥсны ашьха ҭыԥхьыӡқәа» ирызку алекциа мҩаҧысит ААУ аҟны
Декабр 16 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси ААУ аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы Инна Џьугьелиаԥҳаи еицымҩаԥырго апроект «Ирӡтәым» аҳәаақәа ирҭагӡаны агеографиеи атуризми абиологиеи абиомедицинеи афакультетқәа рыстудентцәа рзы ажурналист Адгәыр Гәынба «Адгьыл абызшәа: Аԥсны ашьха ҭыԥхьыӡқәа» ҳәа хыс измаз илекциа.
Адгәыр Гәынба иқәгылараҟны дырзааҭгылеит аԥсуа топонимқәа, ижәытәӡатәиу ашьха хьыӡқәеи аӡы хьыӡқәеи, ҷыдала иазгәеиҭеит, иахьатәи аамҭазы урҭ ахьыӡқәа зны-зынла ишеицаркуа. Иара еиуеиԥшым аԥсуа ҵарауаа рхыҵхырҭақәа ихы иархәаны астудентцәа ииашоу ахьыӡқәа ирызхьаирԥшит.
Ажурналист иажәақәа рыла аглобализациа аамҭазы, адунеи ажәларқәа жәпакы ркультура, рбызшәа ашәарҭара ианҭагылоу аҭыԥхьыӡқәа ирылшоит, ахәҭакахьала, аԥсуа милаҭ рҭоурыхи рхаҿреи реиқәырхара иацхраарц.
Post #5037
139





- 🙏 1