🔑Иахьа иаатит апроект "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон
Аартра ацеремониа далахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит имаҷымкәа ахәҭақәа.
🔺Адунеи аҿы ҳтәыла ахаҿра ашьақәыргыларазы амедиа ихадоу амыругақәа иреиуоуп, иалшо рацәоуп
🔺Ари ахырхарҭала здырра ҳараку аспециалистцәа ҿарацәа разыҟаҵара, урҭ ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа инақәыршәаны рааӡара
🔺Аамҭа ацнеира, аха убри аан амилаҭтә журналистика ахыҵхырҭақәа рыцәхьамҵра, рыхьчара
🔺Аԥсныи Урыстәылеи аспециалистцәа рԥышәа аимдаразы "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" апроект аҵакы
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои, иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа "Урыстәыла – Алшарақәа ртәыла", Аҳәынҭқарратә еиҿкаара "Диалог", апроект анагӡараҿы иҟарҵаз ацхыраара азы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Post #10442
85



- 👍 1
- 🔥 1
- 👏 1