Аиԥылараҿы Игорь Адлеибеи Нестор Џьанбеи ақәԥараҿы иргаз аиааира ирзыннажьыз ацәаныррақәа ирзааҭгылеит, иара убас ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәа ирылацәажәеит.
Шәиааирақәа шәыдысныҳәалоит. Ԥхьаҟа шәцала, шәус иацҵо. Аҳаракыра ҿыцқәа шәрызнеила. Ҷыдала ҭабуп ҳәа раҳҳәоит шәзыҟаҵаҩцәа, шәеихьӡарақәа рҿы рлагала ду азы,
— ҳәа аҷкәынцәа ирыдиныҳәалеит Ҭарашь Хагба.
🥊Ишәгәалаҳаршәоит, аицлабрақәа РКЦ апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәача ақалақь, акурорт Краснаиа Полиана аҟны иҟоу РЕД АРЕНА аҿы, август мза 22 рзы имҩаԥысит.
Игорь Адлеиба аҩбатәи араунд аҿы атехникатә нокаут ала аиааира игеит.
Нестор Џьанба ахԥатәи аҿы нокаутла аиааира игеит.
АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
