Аҧсны атәылахьчара аминистрреи, арбџьармчқәа рыштаб хадеи еиҿкаауеижьҭеи 34-шықәса ҵит
Ари амш аҽны атәылахьчара аминистра анапхгареи, аруааи ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз Аҟәатәи рбаҟа амҵан.
Анаҩс атәылахьчара аминистрра ахыбраҿы имҩаҧысит агәырҕьаратә еилатәара уи ихы алаирхәт Аҧсны ахәынҭқарра ахада,арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба. Атәыла ахада аруаа ирыдиныҳәалеит Рымш ныҳәа.
АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Post #10405
28