🧮Аҩныҵҟатәи арезервқәа. Аԥсны ахатәы хашәалахәқәа иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны иазҳаит
📈Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара адыррақәа инарықәыршәаны, 2026 шықәса жәымз реихшьаалақәа рыла Ареспублика абиуџьет аҩныҵҟатәи алагалақәа ҵыԥхтәи ашықәс убри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 1,3 миллиард мааҭ рыла еизҳаит.
🚩Иарбоу аамҭа ахҵәаха иалагӡаны аҳәынҭқарратә казна ахашәалахәқәа рзеиԥш мҽхакы 14,1 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи шықәсык аԥхьа иҟаз арбага 100 миллион мааҭ рыла еиҳахеит.
Ахашәалахәқәа реизҳара ҟалеит Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала афинанстә цхыраара шмаҷхазгьы.
АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Post #10395
81

