TGViewer
МВД Абхазии МВД Абхазии @mvd_raa · 2.72K subscribers
Post #2943 587
Даанкылоуп атәым мазара маӡала иӷьычит ҳәа гәҩарас ирымоу Аҟәа ақалақь аҟны инхо, 1996 ш. рзы ииз Казаченко Иануш Владимир-иԥа.
Ацәгьоура аҭыԥ аман аҳҭнықалақь аџьармыкьа хада аҵакырадгьыл аҿы 01.10.2026 ш.рзы, усҟан идырмыз ауаҩы, 1967 ш. рзы ииз аԥҳәыс ларҭмаҟ иҭаз лԥараҭра иӷьычит. Уа иҭан 2.500 мааҭ аԥара, амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭга, абанктә хсаалагақәа хԥа. Ацәгьоура иақәшәаз Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа  аҷаԥшьаратә хәҭахьы арзаҳал алалҵеит жьҭаара 2 рзы.
Ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа ирыдыркылаз аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ирыбзоураны гәҩарас дҟаҵаны дааныркылеит Иануш Казаченко.
Абри афакт ала аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа  аусеилыргара аҟәша Аҧсны ашьаустә  закәанеидкыла  2-тәи ахәҭа ап. «г»  155-тәи ахәҭаҷ ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура аҷыдарақәа рыла ашьаус хацнаркит, аусҭҵаара иацҵахоит.
 
 - Хыхь зыӡбахә ҳәоу атәылауаа аара ирыдыу изыхәҭоу Аӡбарҭақәа ишьақәдыргылоит. Ауысӡбаратә актқәа азакәанҧҵара инақәыршәаны Аӡбарҭа асаит аҟны иркьыҧхьуеит.
More from @mvd_raa
  1. Oct 9, 20268 октября в городе Сухум продолжились профмероприятия, направленные на выявление водителей…
  2. Oct 9, 2026photo post
  3. Oct 8, 2026В Гагре пресечена незаконная деятельность на территории замка Ольденбургского. https://rut…
  4. Oct 8, 2026У жителя г. Сухум изъято наркотическое средство в особо крупном размере. https://rutube.ru…
  5. Oct 8, 20267 октября в Сухуме прошел масштабный рейд. https://rutube.ru/video/0954bfb2b4e8f4c5d2be77c…
  6. Oct 7, 2026Задержан подозреваемый в тайном хищении чужого имущества житель г. Сухум Казаченко Януш Вл…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →