Есышықәса абҵарамза 5 Ашьаусԥшаара аусзуҩцәа рымш азгәарҭоит. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Кьиут амаҵзура аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
https://mvdra.org/publications/18011/
Иахьазы ашьаусԥшааратә ҟәшақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рсистемаҿы ихадоу, иԥхьагылоу амаҵзурақәа ируакны иаанхоит. Ацәгьоура аҿагылараҿы иаԥхьагылоу аоперативтә усзуҩцәа атәылауаа рзинқәеи, рхақәиҭрақәеи, ршәарҭадареи рыхьчара иадҳәалоу зегь реиҳа иуадаҩу адҵақәа ҳаҭырла, хра злоу аҟазшьа рыманы ирыӡбоит.
Аоперативтә усзуҩцәа есыҽнытәи русура – иуадаҩу џьабаауп, агәымшәареи, агәаӷьреи, иҳараку азанааҭдырреи зҭаху усуп. Ашьаусԥшааратә ҟәша аусура еснагь аԥсҭазаара ашәарҭара, аҭагылазаашьа иаразнак анализ азура, иазхәыцны аӡбарақәа рыдкылара ирыдҳәалоуп.
Ари амш аҽны иҷыданы ҭабуп ҳәа рарҳәоит амаҵзура атрадициа дуқәа шьақәзыргылаз, иахьа зеиԥшыҟам аԥышәа еиҵагыло аоперативтә усзуҩцәа ирызназго амаҵзура аветеранцәа.
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анаԥхгара аусзуҩцәеи аветеранцәеи агәабзиара, ачҳара, аҭаацәаратә маншәалара, Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ақәҿиара дуқәа рзеиӷьаршьоит!
Post #2937
472