Иҳаҩсыз ашықәс аахыс ҳтәылаҿы аус ауеит ахшара дызмауа аҭаацәарақәа рыцхырааразы аҳәынҭқарратә программа
ЕКО ҳәа изышьҭо амедицинатә цхыраагӡа ахархәарала ҳреспубликаҿы 3-шықәса иалагӡаны 20 % инарзынаҧшуа аҭаацәарақәа ахшара роухьеит. Иахьагьы ари апрограмма ала агәаран иқәгылоу аҭаацәарақәа маҷым.
Аҧсныи Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инамаданы, ари апроцедура амҩаҧгара иалагарц ргәы иҭоуп Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭаҿы.
АТ адаҟьа: Instagram | YouTube | Facebook
Post #10382
59