Очамчыра араион ауааԥсыра, аиҳаракгьы Аиааира ҳзаазгаз аветеранцәа гәахәарала ирыдыркылеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба идҵала излагаз Ԥаҭраз амҩа аиҭашьақәыргылара, -иҳәеит иахьа араионқәа рнапхгаҩцәа алахәны имҩыԥгаз аилацәажәараҿы Очамчыра араион Ахада Алхас Кациа.
Аҭоурыхтә ҵакы змоу, аибашьра анцоз ҳауаажәлар рзы ԥсеиқәырхагас иҟаз амҩа аиҭашьақәыргылара абжьыуаа рзы аҵак ду амоуп ҳәа азгәеиҭеит араион ахада.
"Апснымедиа" |Facebook| Telegram
Post #742
280